ЕАШ ацҳаражәҳәара - Амчыларатә методқәеи аггрессиеи Қырҭтәыла аполитикатә аимак аҭыҧқәҵара рылшом
ЕАШ ацҳаражәҳәара - Амчыларатә методқәеи аггрессиеи Қырҭтәыла аполитикатә аимак аҭыҧқәҵара рылшом

Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аоппозициатә партиа алидер Ника Мелиа иаанкылара иадҳәаланы агәынамӡара аанарҧшит

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, амчыларатә методқәеи аггрессиеи Қырҭтәыла аполитикатә аимак аҭыҧқәҵара рылшом.

“Еиду Америкатәи Штатқәа рыцҳаражәҳәара агәынамӡара аанарҧшуеит Аиҳабыра аоппоозициатә партиа алидер иаанкыларазы ирыдыркылаз аӡбара иадҳәаланыҕ Еиду америкатәи аштатқәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи адиалоги аҽырҭынчреи ирыдҳәаланы иҟаҳҵаз ааҧхьарақәа мап ахьацәыркыз агәҭынчымра ааҳарҧшуеит. Акризис аан Қырҭтәыла анапхгаратә партиа анапхгаҩцәа ирымоу ариторикатә позициа ҳара ҳзы адкылашьа амам. Амчыларатә методқәеи аггрессиеи Қырҭтәыла аполитикатә аимак аҭыҧқәҵара рылшом. Иахьа Қырҭтәыла Евроатлантикатә адемократиатә ҭаацәарахь амҩаҿ шьҭахьҟа ашьаҿа ҟанаҵеит,“ ҽ иануп аҳәамҭа аҿы.