Давиҭ Залкалиани аофициалтә визитла Украина даҭаауеит
Давиҭ Залкалиани аофициалтә визитла Украина даҭаауеит

Қырҭтәыла аице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани  лаҵара  16-17рзы, аофициалтә визитла Украина даҭаауеит. Уаҟа Украина азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәа дырҧылоит.

Аиҿцәажәарақәа ақырҭуа-украинатәи астратегиатә партниорреи ҳаҧхьаҟа аизыҟазаашьақәа рырҭбаара аперспективақәеи ирызкызаауеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ассоциациатә х-тәылак  —  Молдовеи, Қырҭтәылеи, Украинеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиҧылара ихы алаирхәоит.  Аминистрцәа ҳаҧхьаҟа Евроеидгыла ашҟа аинтеграциазы абарҭ атәылақәа рыбжьара аусеицура арҭбаареи, аполитикатә диалог арҕәҕәареи, иара убас, хара имгакәа имҩаҧысраны иҟоу Мрагыларатә партниорра асаммит азы аҽазыҟаҵареи, арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи иалацәажәоит.