CNN – Америка аҧшыхәара ишьақәнарҕәҕәоит Урыстәыла анапхгара Украинаҿы проаурыс напхгаҩы иқәыргылара ргәы ишҭоу
CNN – Америка аҧшыхәара ишьақәнарҕәҕәоит Урыстәыла анапхгара Украинаҿы проаурыс напхгаҩы иқәыргылара ргәы ишҭоу

Ателееилахәыра  CNN ишаанацҳаз ала,  Америка аҧшыхәара ишьақәнарҕәҕәоит уажәааны  Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ала аларҵәара зауз аинформациа Урыстәыла анапхгара Украинаҿы проаурыс напхгаҩы иқәыргылара шырҭаху, убри азыҳәан Украина ажәылареи ампыҵахалареи ргәы ишҭоу  азы.

«Ааи, ҳара ари аинформациа шьақәзырҕәҕәо аҧшыхәаратә дыррақәа ҳамоуп», — иҳәеит  CNN аинформациа азҭаз ахаҿы.

Ишыжәдыруа ала, уажәааны Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аланарҵәеит Урыстәыла анапхгара Украинаҿы проаурыс напхгаҩы иқәыргылара шырҭаху, убри азыҳәан Украина ажәылареи ампыҵахалареи ргәы ишҭоу азы.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала, Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аинформациа даҽазнык аанарҧшуеит НАТО атәылақәа Украина азҵаара иадҳәаланы аибарххара аизырҳара шырҭаху.