Чехиа Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит
Чехиа Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит

Чехиа Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит

 

Чехиа Аҧыза-министр Андреи Бабиш Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идиныҳәалеит.

Аофициалтә адныҳәалараҿы Чехиа Аҧыза-министр атәылақәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа иазгәаҭаны, ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла адемократиатә принципқәа рыхьчареи евроатлантикатәи интеграциеи дшадгыло.

«Чехиатәи ареспубликеи Қырҭтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа иҳаракны рыхә сшьоит.  Аҩ-тәылак изызҿлымҳау аусхкқәа рҿы арҭ аизыҟазаашьақәа ҳаҧхьаҟа иаҳа иҭбаахап ҳәа сгәыҕуеит.  Ҳара ишьақәҳарҕәҕәоит Чехиатәи ареспублика Қырҭтәыла имҩаҧысуа ареформақәа ишрыдгыло, лымкаала азакәан аиҳаӡареи, адемократиатә принципқәа рыхьчареи, евроатлантикатә интеграциеи. Аҭакҧхықәра ду зцу шәусураҿы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит», — иануп Чехиа Аҧыза-министр иофициалтә адныҳәалараҿы.