Британиа Ду Аҧыза-министр апринц Филипп иҧсыжра ацеремониа ихы алаирхәом
Британиа Ду Аҧыза-министр апринц Филипп иҧсыжра ацеремониа ихы алаирхәом

Британиа Ду Аҧыза-министр Борис Џьонсон апринц Филипп иҧсыжра ацеремониа ихы алаирхәом. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Би-би-си».

Даунинг-стрит аинформациа инақәыршәаны,  Борис Џьонсон  ацеремониашҟа днеиуам акоронавирус аларҵәара апревенциа амзызла ишьақәыргылоу аҧкрақәа рымшала.  Аҧсыжраҿы иҟазаауеит  30ҩык мацара  —  апринц ихылҵи, имаҭацәеи, урҭ рхылҵи, ауацәа гәакьацәеи.

Апринц Филипп иҧсра инамаданы, Британи Ду алахьеиқәҵаратә мшы рыларҳәеит. Атәылаҿы аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.  Эдинбургтәи агерцог, апринц Филипп 99 шықәса шихыҵуаз, мшаҧы 9 рзы иҧсҭазаара далҵит. Апринц анышә дарҭоит мшаҧы  17 рзы.