Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ODIHR аҳасабырба –Ашьаҭатәи акандидатцәа Ауаажәларратә дырраҭараҿ аамҭа еицеиҟараны анырзыршаз, хазхаҭалатәи адырраҭарақәа зегьы ииашам апозициа аадырԥшит
Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ODIHR аҳасабырба –Ашьаҭатәи акандидатцәа Ауаажәларратә дырраҭараҿ аамҭа еицеиҟараны анырзыршаз, хазхаҭалатәи адырраҭарақәа зегьы ииашам апозициа аадырԥшит

Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ODIHR аҳасабырба –Ашьаҭатәи акандидатцәа Ауаажәларратә дырраҭараҿ аамҭа еицеиҟараны анырзыршаз, хазхаҭалатәи адырраҭарақәа зегьы ииашам апозициа аадырԥшит, – иануп жьҭаара 31 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа ирызку Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи еиҿкаара/ODIHR аҳасабырбаҿ.

Аҳасабырбаҿ алхратә кампаниа аарԥшра азҵаара ахәшьара аҭоуп:

«Аплиуралисттә медиаҭагылазаашьа хырхарҭақәеи абизнес интересқәеи рганахьала аполитикатә полиаризациа амоуп, ODIHR анаԥшратә миссиа амедиамониторинг алҵшәақәа рыла иубароуп – ашьаҭатәи акандидатцәа Ауаажәларратә дырраҭараҿ аамҭа еицеиҟараны анырзыршаз, хазхаҭалатәи адырраҭарақәа зегьы ииашам апозициа аадырԥшит,» – иануп аҳасабырба аҿы.

«Қырҭтәыла ауаажәларатә дырраҭареи Аҷара ателехәаԥшреи апартиақәеи аблокқәеи зегьы рхаҭарнакцәа  ажәабжь ҿыцқәа рблок аҿы 5-6 минуҭ аефир хәыԥсада рыдаргалеит. Ари ажәалагала алхрақәа иалаз апартиақәа рхаҭарнакцәа рхы иадырхәит,» – иазгәаҭоуп иацы аларҵәара зауз аҳасабырба аҿы.