Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла авизит иазкны асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟалҵеит
Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла авизит иазкны асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟалҵеит

Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара амаҿаныҟәгаҩ хада Ҳельга Мариа Шмид Қарҭ дыҟоуп. Ҳельга Мариа Шмид  Қырҭтәыла авизит иазкны асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы аҳәамҭа ҟалҵеит.

Ҳельга Мариа Шмид лажәақәа рыла, аофициалтә хаҿқәеи, апарламентарцәеи атәылауаҩратә уаажәларра хаҭарнакцәеи рҟны аиԥыларақәа дырзыԥшуп. Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара амаҿаныҟәгаҩ хада илҭахуп аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рҭагылазаашьа зеиԥшроу илбар лҭахуп.

“Сарҭ саҭааит. Аофициалтә хаҿқәеи, апарламентарцәеи атәылауаҩратә уаажәларра хаҭарнакцәеи рҟны аиԥыларақәа сырзыԥшуп, аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рҭагылазаашьа зеиԥшроу избар сҭахуп. Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаара адгылара нанагӡоит , активла иалахәып Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа,” – аалыцҳаит Ҳельга Мариа Шмид.