Шьалуа Папуашвили - Акандидат статус анашьара ала, Европа алшоит ҳрегион аганахьала аҿҳәарарацәатәи аинтерес ашьақәырӷәӷәареи Қырҭтәыла аӷацәа рылшарақәа рәҳаақәҵареи алшоит
Шьалуа Папуашвили - Акандидат статус анашьара ала, Европа алшоит ҳрегион аганахьала аҿҳәарарацәатәи аинтерес ашьақәырӷәӷәареи Қырҭтәыла аӷацәа рылшарақәа рәҳаақәҵареи алшоит

Қырҭтәыла апароамент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили азакәанԥҵаратә аиҿкаараҿ апарламент 2021 шықәсатәи аусзура иазкы аҳасабырбала дықәгылоит.

Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аҭоурыхтә процесс ахысуеит, Евроеидгыла Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи иҟарҵаз аҳәарақәа ирызкны аӡбара ирласны аднакылеит.

“Уажәы Евроеидгыла аӡбара ҳазыԥшуп, Евроеидгылеи атәыла алахәылацәеи рҟны политикатә адгылара амобилизациа азҵаарақәа аус рыдулара ҳаҿуп. Ареформақәа рымҩаԥгара ала Қырҭҭәыла апрогресс иазыԥхьагәаҭаны, Евроеидгыла апозитивтә аҭак ҳазыԥшуп. Акандидат статус анашьара ала, Европа ҳрегион аганахьала аҿҳәарарацәатәи аинтерес ашьақәырӷәӷәареи Қырҭтәыла аӷацәа рылшарақәа рәҳаақәҵареи алшоит”, – иҳәеит Папуашвили

Апарламент ахантәаҩы иҳасабырба изыӡырҩразы апарламент ахь инеит аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Қырҭтәыла аккредитациа змоу адипкорпус ахаҭарнакцәеи.