Шьалуа Папуашвили - ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Кезерашвили изкны иҟалҵаз аҳәамҭақәа уамашәа избеит
Шьалуа Папуашвили - ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Кезерашвили изкны иҟалҵаз аҳәамҭақәа уамашәа избеит

ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Кезерашвили изкны иҟалҵаз аҳәамҭақәа уамашәа избеит, даҽакала сызҳәом. Дзыхцәажәаз иацҵоу аинформациа иаанагои?! – иҳәеит адырраҭара „Имеди LIVE“ аефир аҿы апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

“Қолл-центрқәа рызҵаара уахь иҟаз, Кезерашвили иганахьала ашьаусԥшаара хацыркуп, уи изҵааразы аӡбақәҵа иҟоуп. Ақырҭуа ар хәмиллион евро рыцәӷьычра далахәуп. Дзыхцәажәаз иацҵоу аинформациа иаанагои?! Иахьа Кезерашвили абахҭа дҭакызароуп. Ахылаԥшҩцәа ахьимо аҟынтә, ихы дақәиҭуп, Евроеидгыла атәылақәа рҿы уадаҩрада деиҭаҵуеит.

Атәымтә политикацәа ажәлар ацәгьоурак рзыҟарҵахьеит. Зны Саакавшили дырҵәахуан, Қырҭтәыла аиҿагыларанӡа наргеит, ашьҭахь уи маӡала дхынҳәит. Ҳшәарҭадаратә маҵзура апрофессионализм аныҟамла, ҳтәылаҿ аиҿагыларақәа иалагон,” – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Иацы, ЕАШ ахада Келли Дегнан иҟалҵаз аҳәамҭала, “Кезерашвили иҟаиҵаз аҳәамҭақәа рҿы ахарадҵара мап ацәикәеит. Азинтә процесси иаҳа ирацәаны ашаҳагақәеи ҟалароуп.”