Шьалуа Папуашвили - Иашьҭанеиуа жәашықәса рзы Евроеидгылеи Натои аҳаргь Қырҭтәыла ажәҩан аҵаҟа шаартхо
Шьалуа Папуашвили - Иашьҭанеиуа жәашықәса рзы Евроеидгылеи Натои аҳаргь Қырҭтәыла ажәҩан аҵаҟа шаартхо

«Қырҭтәылазы Евроеидгылеи Натои ралалара аекономикатә аҿиареи агәарҭадареи ргарантиоуп, ақырҭуа жәлар рыӡбара Қырҭтәыла аконституциаҿгьы иаарԥшуп», — иҳәеит Румыниа визитла иҟоу Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Евроатлантикатә ҭышәынтәалара ацентр аҿы данықәгылоз.

Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, Урыстәылатә иаауа ашәарҭақәа ирыхәамԥшыкәа, Евроеидгылеи Натои  рпартниор аҳасабла, европатәи евроатлантикатәи ашәарҭадара алагала аҟаҵара азыхиоуп.

Папуашвили ишазгәеиҭаз, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла Нато алалара амҩан ақәҿиара дуқәа аман.

Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, “Ақырҭуа гәахәтәы” анапхгарахь анааз инаркны,  Ассоциира иазку аиқәшаҳаҭреи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭреи рнапы аҵаҩын, Қырҭтәылаеи Евроеидгылеи рыбжьара авизадатә режим шьақәгылан.

«Иашьҭанеиуа жәашықәса рзы Евроеидгылеи Натои аҳаргь Қырҭтәыла ажәҩан аҵаҟа шаартхо», — иҳәеит Румыниа визитла иҟоу Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Евроатлантикатә ҭышәынтәалара ацентр аҿы данықәгылоз.