Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы жәларбжьаратәи акомиссиа ахантәаҩы игәаанагарала, жәларбжьаратәи ауаажәларра Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра активла иазықәҧароуп
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы жәларбжьаратәи акомиссиа ахантәаҩы игәаанагарала, жәларбжьаратәи ауаажәларра Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра активла иазықәҧароуп

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы жәларбжьаратәи акомиссиа ахантәаҩы Мухаммад Амин Хан  Заза Гахелаӡе импыҵахалоу Цхинвал закәандарала иаанкылара афакт дахцәажәеит.

Жәларбжьаратәи акомиссиа ахантәаҩы  Twitter  аҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр изиҩит  жәларбжьаратәи ауаажәларра Заза Гахелаӡе ихақәиҭтәра активла иазықәҧароуп ҳәа.

«Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы жәларбжьаратәи акомиссиа, аиҳабырабжьаратә аиҿкаара аҳасабала,  Заза Гахелаӡе зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәра иазку аҳәара иақәшаҳаҭуп,  ҳара жәларбжьаратәи аиҩызара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ажәлар рхақәиҭра иаҿагылоу Урыстәылатәи агрессиа аанкыларазы алшрақәа зегьы рзы иадырхәарц», — иҩит Мухаммад Амиин Хан.

Цхинвал импыҵахалоу арежим ахаҭарнакцәа Заза Гахелаӡе 12 шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит.