Ангела Меркель Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идылныҳәалеит
Ангела Меркель Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идылныҳәалеит

Германтәыла аканцлер Ангела Меркель Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Аҧыза-министрс иалхра идылныҳәалеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.

Қырҭтәыла Аԥыза-министр ипрессмаҵзур адыррақәа рыла, адныҳәалараҿ ишану ала, Германтәыла наҟ-наҟгьы нанагӡоит Қырҭтәыла аекономикатә аҿиареи, проевропатәи ареформақәа рыдгылареи, атерриториатә акзаара адгылареи.

“Ҳаҭыр зқәу Аԥыза-министр. Гәыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Қырҭтәыла Аҧыза-министрс шәалхра. Ҳтәылақәа ирыбжьоу еизыҟазаашьақәа ҳаиҳабырақәа рыбжьара агәрагара шьаҭас измоу аусеицура шьаҭас амазаауеит.

Германтәыла аинтерес ду ала Қырҭтәыла имҩаԥысуа аполиткиатә еилацәажәарақәа ирыцклаԥшуеит, ҳара наҟ-наҟгьы нанагӡоит Қырҭтәыла аекономикатә аҿиареи, проевропатәи ареформақәа рыдгылареи, атерриториатә акзаара адгылареи,” – иануп адныҳәалара аҿы.