Акциа алахәылацәа аиҳабыра русмҩаҧгарҭашҟа идәықәлеит, уаҵәы Аиустициа аминистрра аҧхьа акциа амҩаҧгара ргәы иҭоуп
Акциа алахәылацәа аиҳабыра русмҩаҧгарҭашҟа идәықәлеит, уаҵәы Аиустициа аминистрра аҧхьа акциа амҩаҧгара ргәы иҭоуп

«Ҳара аиҳабыра русмҩаҧгарҭа ахыбра ҳакәшаны ҳгылароуп, адунеи зегьы идҳарбароуп  Саакашвили анормалтә тәылауаҩратә хәышәтәырҭашҟа диаргаанӡа, нас, доурыжьҭаанӡа, иаҳцәырҕьычыз алхрақәа ҳаздырхынҳәаанӡа абра ҳашгылазаауа», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алидер  Ника Мелиа  Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили идгыларазы акциа ахьымҩаҧысуаз Ахақәиҭра ашҭаҿы.

Мелиа ишиҳәаз ала, иахьа инаркны, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусмҩаҧгарҭа аҩналареи аҩныҵреи алшара ирҭом.

Иара убас, иара ишиҳәаз ала, уаҵәы шьыжь инаркны Аиустициа аминистрра аҧхьа акциа мҩаҧысуеит.