Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 900 Қарҭ иаарҧшын, 162 – Имереҭи, 115 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 900 Қарҭ иаарҧшын, 162 – Имереҭи, 115 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 900 Қарҭ иаарҧшын, 162 – Имереҭи, 115 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп  27 384 атестқәа:  15 341 – антиген азы,  PCR –  12 043.

Аҵоура арбага: мышктәи –  5,71%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 5,84%, иҳаҩсыз 7 мштәи –  6,71%.

Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 320 830–ҩык, урҭ рҟынтә  299 500-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 4 263 -ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 58 533-ҩык, мышкала – 3 846-ҩык.

Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 69-ҩык, 788-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,  4 284-ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 1564  акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә:  900 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 105, Имереҭи —  162, Қвемо Қарҭли  —  72,  Шида Қарҭли  —  52, Гуриа  — 36, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  —115,  Кахеҭи  —  64,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  — 31,  Самцхе-Џьавахеҭи  — 18, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  — 9.