Жозеп Боррелль – Уажәы аҭоурыхтә аамҭа ҳҭагылоуп, Евроеидгыла иаҳа еидгылароуп, авариантқәа зегьы ҳрыхәаҧшуеит 
Жозеп Боррелль – Уажәы аҭоурыхтә аамҭа ҳҭагылоуп, Евроеидгыла иаҳа еидгылароуп, авариантқәа зегьы ҳрыхәаҧшуеит 

 

«Уажәы аҭоурыхтә аамҭа ҳҭагылоуп, Евроеидгыла иаҳа еидгылароуп, авариантқәа зегьы ҳрыхәаҧшуеит», — иҳәеит Евроеидгыла адәныҟаполиткиатә усбарҭа анапхгаҩы Жозеп Боррель НАТО аминистериал аҿы.

Боррель иажәақәа рыла, ахада Путин  Украина даҿагыланы имҩаҧиго аибашьра ариашара ҟалом.

«Ҩымчыбжь рыла адунеи зегьы аҽаҧсахит. Ҳҳәаақәа рҿы зымҽхак дуу аибашьра мҩаҧысуеит. Путин Украина даҿагыланы деибашьуеит, аҭынчуаа рацәа ҭахеит, Женеватәи аконвенциа ала иқәиҭыму абџьар ихы иаирхәоит. Уажәы атрансатлантикатә акзаара зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Ҳара, Евроеидгыла, зеиҧшҟамлац асанкциақәа шьақәҳаргылеит, урыстәылатәи аекономика азарал ду аиуеит.

Украина ахыхьчара азин амоуп, аукраин жәлари, ари,  аиҳабыреи рфырхаҵара џьашьахәыс иаабоит.  Уажәы ҳазынтәгьы ҳаидгылароуп,  избанзар, Европазы аҭоурыхтә ҵакы змоу аамҭа ҳҭагылоуп.  НАТО аҟынтәгьы акзаареи ирылшо ашьаҿақәа рыҟаҵареи сазыҧшуп.  Украина бџьарла аиқәыршәара азҵаараҿгьы ҳаидгылароуп», — иҳәеит  Боррель.