Иенс Столтенберг – Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  рҟны аиҧылараан ахьыҧшымреи ахыхьчареи арҕәҕәаразы ашьаҿақәа ҟаҳҵоит
Иенс Столтенберг – Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  рҟны аиҧылараан ахьыҧшымреи ахыхьчареи арҕәҕәаразы ашьаҿақәа ҟаҳҵоит

 

Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи адәныҟатәи аусқәа рминистцәа абҵара 29-30 рзы Бухарест имҩаҧысуа НАТО аминистериал рхы аладырхәоит.

«Ҳара адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба ҳаиҧылоит, уажәазы Украина иаҭаху ацхыраара ҳалацәажәоит. Иара убас,   Қырҭтәылеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи адәныҟатәи аусқәа рминистцәагьы ҳарҧылоит. Абарҭ ҳпартниорцәа еиуеиҧшым аформала Урыстәыла ақәыҕәҕәара аҵаҟа иҟоуп. Убри аҟынтә, ахьыҧшымреи ахыхьчареи арҕәҕәаразы ашьаҿақәа ҟаҳҵоит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Украина ацхраара аҵакы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, алианс Украина шаҟа аҭаххо аҟара иацхраауеит.