Брюссель имҩаҧысуа НАТО аминистериал далахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили
Брюссель имҩаҧысуа НАТО аминистериал далахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили

Брюссель имҩаҧысуа НАТО аминистериал далахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.  Аминистрцәа реиҧылара алагамҭаз НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ишиҳәаз ала,  ари аиҧылараҿы НАТО апартниор-тәылақәа рылахәылаара аҵакы ду амоуп.

«Иахьатәи ҳаиҧылара иалахәып  Украинеи, Қырҭтәылеи, Финлиандиеи, Швециеи, Евроеидгылеи рҟынтә ҳпартниорцәеи, иара убас, азиа-аокеанҭынчтә ҳпартниорцәагьы  – Австралиеи, Иапониеи, Кореиеи, Зеландиа Ҿыци.  Урыстәыла ала Украина ажәылара афакт европатәи ашәарҭадаразы анырра ду амоуп, жәларбжьаратәи аиҿкаара зегьы еиланагеит.  Иахьа абра ҳпартниорцәа рыҟазаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит  ҳара ҳазынтәгьы, ҳаицҿакны Украина ҳшадгыло, урыстәылатәи агрессиа ҳшақәыӡбо. Ҷыдала салам исҭар сҭахуп Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба.  Аукраин жәлар ргәымшәареи рфырхаҵареи гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит», — иҳәеит Столтенберг.