Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Нато атәылахьчара министрцәа рминистериал ихы алаирхәоит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Нато атәылахьчара министрцәа рминистериал ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Нато атәылахьчара министрцәа рминистериал ихы алаирхәоит.

Џьуаншер Бурҷулаӡеи украинатәи, финлиандиатәи швециатәи иколлегацәеи, адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Жозеф Борелии аминистрцәа рыҩаӡараҿ имҩаԥысуа аиԥылара ҷыда рхы аладырхәоит.

Аилатәара Бриуссель, Нато аштаб уадаҿ, хәажәкыра 16 рзы мҩаԥгахоит. Ари атәы аарыцҳаит алианс апрессмаҵзура аҟынтә.

Аилатәара иалагаанӡа Нато амаӡаныҟәгаҩ хадеи ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Лоид Остини аихқәа рзы аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит, уи ашьҭахь, Аҩадаатлантикатә хеилаки Қырҭтәылеи, Украинеи, Финлиандиеи, Швециеи ртәылахьчара министрцәеи Жозеф Борели реиԥылара мҩаԥгахоит.