Жозеп Боррель – Хара имгакәа Путин абџьари ажәлар рзы ахәшеи рыбжьара алхра аҟаҵара иқәшәоит
Жозеп Боррель – Хара имгакәа Путин абџьари ажәлар рзы ахәшеи рыбжьара алхра аҟаҵара иқәшәоит

Евроеидгыла адәныҟатәи аимадарақәа рзы амаҵзура анапхгаҩы  Жозеп Боррель иҳәамҭала, хара имгакәа Владимир Путин абџьари ажәлар рзы ахәшеи рыбжьара алхра аҟаҵара иқәшәоит. Борель ари аҳәамҭа ҟаиҵеит анемец ҭыжьымҭа DW аинтервиу анеиҭоз.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак иҳәамаҭала, урыстәылатәи аекономика азарал амоузшәа иҟоу агәаанагара ииашам. Иара иажәақәа рыла, аурыс арратә машьына аҧара мацара кәымкәа, атехнологиақәагьы аҭахуп.

«Иҧжәаз аурыс атанк шәахәаҧшыр, уаҟа мраҭашәаратә еилахәырақәа иҭрыжьуа аелектронтә компонентқәа шырацәоу жәбоит. Дара уаҳа арҭ акомпонентқәа роуӡом», — иҳәеит Боррель.

Иара иажәақәа рыла, 2022 Урыстәыла аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа арбага еиҵхоит  10%-ла, уи арецессиа ахылҵуеит.

«Хара имгакәа Путин абџьари ажәлар рзы ахәшеи рыбжьара алхра аҟаҵара иқәшәоит», — иҳәеит Боррель.