Жозеп Боррель – Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа алҵшәа рхылҵит, аха,  асанкциа мацарала аибашьра узаанкылом
Жозеп Боррель – Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа алҵшәа рхылҵит, аха,  асанкциа мацарала аибашьра узаанкылом

«Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа алҵшәа рхылҵит, аха,  асанкциақәа мацарала аибашьра узаанкылом», — иҳәеит Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы амаҵзура аиҳабы  Жозеп Боррел.

Иара иажәақәа рыла, асанкциақәа рхықәкы хада  —  Владимир Путин аибашьра аҧара  азоушьҭраҿы иҧырхагахара ауп.

Боррел ишиҳәаз ала,   2023 шықәсазы урыстәылатәи аекономика каҳаит  5,6 наӡынала,  убри дагьы,  1000 иреиҳаны жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа Урыстәыла иалҵит, уи амшала 5 миллионҩык аусурҭа рцәыӡит.

«Асанкциақәа мацарала аибашьра узаанкылом.  Уи ҳара ҳхы иаҳархәаз ахархәагақәа иреиуп. Асанкциа алҵшәа шырхылҵыз убарҭоуп: Урыстәыла аекономика ҧырхага ду аиуит, амодернизациа залшом», — иҳәеит  Жозеп Боррел.