Жозеф Боррель Косово иҟоу аҩганк рахь ааԥхьара ҟаиҵеит адеескалациа иалагарц
Жозеф Боррель Косово иҟоу аҩганк рахь ааԥхьара ҟаиҵеит адеескалациа иалагарц

Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель Косово иҟоу аҩганк рахь ааԥхьара ҟаиҵеит адеескалациа иалагарц, – аарацҳаит “Роитер”.

” Косово анапхгара  Косово аҩадахьтәи ахәҭаҿы иҟоу амуниципалтә хыбрақәа рахь афокус змоу аполициатә операциа шааннакыло ҳақәгәыӷуеит. Аҩ лидерк рҟны аиҿцәажарақәа наҳагӡоит”, – иазгәеиҭеит Боррель.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак аганқәа рахб ааԥхьара ҟаиҵеит адеескалациа иалаганы, аҭынчра еиҭашьақәдыргыларц.

Амуниципалтә хыбрақәа раԥхьа сербцәа еизан, Косово аполициеи ҿыц иалху албантәи ахадацәа ралгара идҵаны иқәдыргылеит. Сербаа мшаԥы азы имҩаԥысыз алхрақәа рхы аладмырхәит, Албаниа ахаҭарнакцәа анапхгараҭаратә ҭыԥқәа рҿы рызхаҵара мап ацәыркуеит. Аҭагылазаашьа ахьыцәгьахаз аҟынтә, Косово аетникатә сербцәа иахьықәынхо ақалақьқәа рҿы амуниципалтә хыбрақәа раԥхьа Нато мчқәа дыргылеит. Сербиатәи адемонстрантцәа рҟны аиҿагылараан ахәрақәароуит 30-ҩык Нато аҭынчрачаԥаҩцәеи 52-ҩык сербааи.