Жәлар рыхьчаҩ – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟасҵоит иацы иаабаз еиҭаҟарымҵарц
Жәлар рыхьчаҩ – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟасҵоит иацы иаабаз еиҭаҟарымҵарц

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟасҵоит иацы иаабаз еиҭаҟарымҵарц, атәылауаа ражәа ахақәиҭра рҽаларымгаларц, ауаа рхырхарҭала амчыларатә актқәа мҩаҧырымгарц», — иҳәеит абрифинг аҿы Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани.

Иара убас,  Иоселиани иахьатәи акциа алахәылацәа рахьгьы ааҧхьара ҟаиҵеит аҭынчратә аизара аҳәаақәа ирҭымҵырц.

Иоселиани ишиҳәаз ала, административтә хыбра аҩналарҭақәа рхақәиҭтәраан азинхьчаҩцәа имцхәны амч рхы иадырхәит. Аомбудсмен иҳәамҭала,  ахархәага ҷыдақәа рхархәара ахымҧадара иҟамызт.