Жәлар рыхьчаҩ – Аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿы лабҿаба иубарҭоуп Ниноҵминдатәи апансионат аҿы ахәыҷқәа астресс хьанҭа аҿы ишыҟоу  
Жәлар рыхьчаҩ – Аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿы лабҿаба иубарҭоуп Ниноҵминдатәи апансионат аҿы ахәыҷқәа астресс хьанҭа аҿы ишыҟоу  

Қырҭтәыла жәлар рыхьчаҩ асоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭа дахцәажәеит. Зыӡбахәы ҳәоу авидеонҵамҭаҿы аарҧшуп Ниноҵминдатәи апансионат аҿы инхо ахәыҷқәа.

Жәлар рыхьчаҩ ишылҳәаз ала, авидеонҵамҭақәа рҿы иубарҭоуп апансионат анапхгаҩы ахәыҷқәа ринтересқәа шеилеиго.

«Аларҵәара зауз авидеонҵамҭақәа рҿы лабҿаба иубарҭоуп Ниноҵминдатәи апансионат аҿы инхо ахәыҷқәа астресс хьанҭа аҿы ишыҟоу. Жәлар рыхьчаҩ иашьашәалоу аорганқәа рахь ааҧхьара ҟалҵоит зықәра наӡам ахәыҷқәа апасионат аҿы апсихологиатә ақәыҕәҕәареи амчылареи аҟынтә рыхьчара зыҧшра ҟамҵакәа еиқәдыршәарц,  зықәра наӡам ахәыҷқәа альтернативтә хылаҧшра рзеиқәдыршәарц», — иануп Жәлар рыхьчаҩ лҳәамҭаҿы.