Женева Ентони Блинкени Сергеи Лаврови рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит
Женева Ентони Блинкени Сергеи Лаврови рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит

 

Иахьа Женева Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Ентони Блинкени Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Сергеи Лаврови рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭадара агарантиақәа ирылацәажәоит.

Ишдыруа ала, Урыстәыла агарантиа аиур аҭахуп НАТО арҭбаара шынанамгӡо, Урыстәыла аҳәаақәа ирзааигәаны рхатә бџьармчқәа шыдмыргыло азы.

Америка ишаарыцҳаз ала, ахадаратә ҵакы змоу азҵаарақәа рзы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара ргәы иҭам. Атәылақәа зегьы дара рхала алианс алхра азин рымоуп, ари азҵаара еиҭахәаҧшуам. Аха, Вашингтон ишаарыцҳаз ала, егьырҭ азҵаарақәа рзы Урыстәылаҟны аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара иазыхиоуп.