Жьҭаара 24-26 рзы Рикоттәи аҳапкылҵәаҿ  аиҭаҵра аамҭала ииаргоит иакәшаны ицо амҩашҟа
Жьҭаара 24-26 рзы Рикоттәи аҳапкылҵәаҿ  аиҭаҵра аамҭала ииаргоит иакәшаны ицо амҩашҟа

Апрофилактикатә усурақәа рымҩаҧгара иадҳәаланы, Рикоттә аҳапкылҵәа  143 километртәи ацыҧҵәахаҿы, жәларбжьаратәи аҵакы змоу автомагистраль Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе аҿы,  жьҭаара 24 асааҭ  01:00 инаркны  06:00-нӡа, иара убас, жьҭаара 25 асааҭ  01:00 инаркны 06:00-нӡа, жьҭаара  26  асааҭ  01:00 инаркны  06:00-нӡа  атранспорттә хархәагақәа зегьы рыла аиҭаҵра аанкылазаауеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра Автомобилтә мҩақәа рзы адепартамент.

Зыӡбахәы ҳәоу аамҭазы, аҳапкылҵәа  автоамҩа андырклакь, атранспорт еиҭаҵуеит иакәшаны ицо амҩала.