Хымш рыҩнуҵҟа Польша зеиҧшҟамлац ала ирацәаны акоронавирус афактқәа аадырҧшит
Хымш рыҩнуҵҟа Польша зеиҧшҟамлац ала ирацәаны акоронавирус афактқәа аадырҧшит

Хымш рыҩнуҵҟа Польша зеиҧшҟамлац ала ирацәаны акоронавирус афактқәа аадырҧшит. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәан  35 143ҩык.

Абри аинформациа аланарҵәеит атәыла Агәабзиарахьчара аминистрра.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Польша акоронавирус амшала иҧсит  443ҩык апациентцәа.

Аепидеимиологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала,   Польша аҧкрақәа дырџьбарит.

Аусбарҭақәа реиҳара аусура иаҟәыҵит.