Хаҭуна Самниӡе  - Украина адгыларатә резолиуциа ахадаратә зҵарақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит
Хаҭуна Самниӡе  - Украина адгыларатә резолиуциа ахадаратә зҵарақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит

Апарламент аҿы  аиҳареи аоппозициеи Украина адгыларатә резолиуциа  атекст иадҳәаланы аконсультациақәа мҩаҧыргеит. Аоппозициатә депутат Хаҭуна Самниӡе ишылҳәаз ала,  дара ахадаратә зҵаарақәа рзы еиқәшаҳаҭхеит.

Хаҭуна Самниӡе лажәақәа рыла, сааҭқәак рышьҭахь арезолиуциа атекст аҵыхтәантәи авариант анапаҵаҩра рылшап ҳәа дгәыҕуеит.

«Ақырҭуа гәахәтәы» рхатә версиа цәырыргеит, ҳара азгәаҭарақәак ҟаҳҵеит, даргьы ҳазгәаҭарақәа реиҳара иазҧхьагәарҭеит. Ахадаратә зҵаарақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Зегьы реиҳа ихадоу – арезолиуциаҿы иарбазароуп Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло. Сааҭқәак рыҩныҵҟала арезолиуциа атекст аҵыхәтәантәи авариант анапаҵаҩра ҳалшап ҳәа ҳгәыҕуеит, уи иахьаҵәҟьа иҟаҳҵароуп, избанзар, раҧхьатәи аилатәараҿы абжьыҭира мҩаҧаагароуп», — илҳәеит Хаҭуна Самниӡе.