Урсула фон дер Лаиен – Иахьатәи амш Европазы даараӡа ибзиоуп, ахада Зеленскии, ахада Сандуи, аҧыза-министр  Ҕарибашвилии ирыдысныҳәалоит
Урсула фон дер Лаиен – Иахьатәи амш Европазы даараӡа ибзиоуп, ахада Зеленскии, ахада Сандуи, аҧыза-министр  Ҕарибашвилии ирыдысныҳәалоит

«Иахьатәи амш Европазы даараӡа ибзиоуп, ахада Зеленскии, ахада Сандуи, аҧыза-министр  Ҕарибашвилии ирыдысныҳәалоит», — илҩит  Twitter аҿы Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен.

Лара лажәақәа рыла, арҭ атәылақәа европатәи аҭаацәара иаҵанакәеит, уи шьақәырҕәҕәоуп европатәи алидерцәа иахьа ирыдыркылаз аҭоурыхтә аӡбарала.

«Иахьатәи амш Европазы даараӡа ибзиоуп, ахада Зеленскии, ахада Сандуи, аҧыза-министр  Ҕарибашвилии ирыдысныҳәалоит. Шәтәылақәа  европатәи аҭаацәара иаҵанакәеит, уи шьақәырҕәҕәоуп европатәи алидерцәа иахьа ирыдыркылаз аҭоурыхтә аӡбарала», — илҩит  Урсула фон дер Лаиен.

Урсула фон дер Лаиен ишазгәалҭаз ала, ари аӡбара абзоурала, Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи урыстәылатәи аимпериализм аҿаҧхьа иаҳа иҕәҕәахоит,  Европагьы иаҳа иҕәҕәахоит.