Урыстәылатәии беларустәии адипломатцәа Европарламент аҩналара азин рымырхит
Урыстәылатәии беларустәии адипломатцәа Европарламент аҩналара азин рымырхит

Урыстәылатәии беларустәии адипломатцәа Европарламент аҩналара азин рымырхит.  Европарламент ахантәаҩы Роберта Метсол ари атәы илҩит  «Твиттер»  аҿы.

«Иахьа инаркны урыстәылатәии беларустәии адипломатиатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа Европарламент ахыбра аҩналара азин рымам.

Адемократиатә аиҿкаара зырбгар зҭаху ауааҧсыра адемократиа аҩнаҿы  ирҭыҧым», — илҩит Европарламент ахантәаҩы.