Урыстәылатәи авакцина  «Спутник V» раҧхьатәи апартиа импыҵахалоу Аҧсныҟа инагоуп
Урыстәылатәи авакцина  «Спутник V» раҧхьатәи апартиа импыҵахалоу Аҧсныҟа инагоуп

Урыстәылатәи авакцина  «Спутник V» раҧхьатәи апартиа импыҵахалоу Аҧсныҟа инагоуп.

Лымкаала, Урыстәылантә импыҵахалоу арегион ашҟа инагоуп авакцина  6 500 адозақәа.  Ари аинформациа аладырҵәеит аҭыҧантәи АИХ.

Аҧсны авакцинациа алагара ргәы иҭоуп лаҵарамзатәи аныҳәақәа рышьҭахь. Аҧсны дефакто агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакиа  ишиҳәаз ала, авакцинациа мҩаҧысуеит ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы.

Иара иажәақәа рыла, авакцина араионқәа рышҟа идәықәырҵом, избанзар уи аҵәахразы иаҭаху аҭагылазаашьақәа еиқәыршәоуп ашьҭаҵарҭа хада мацараҿ.

Раҧхьа иргыланы авакцина рзыҟарҵоит аҳақьымцәеи, аҧыжәара змоу агәыҧқәеи, арҵаҩцәеи, аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи, азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәеи.

Цахнакиа иҳәамҭала, авакцина анеҩстәи апартиа роуеит авакцинациа апроцесс шымҩаҧысуа иахьыҧшны.