Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла Балтиатәи амшынаҿ арра-амшынтә азыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит
Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла Балтиатәи амшынаҿ арра-амшынтә азыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит

Урыстәыла Балтиатәи амшынаҿ арра-амшынтә азыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит. Урыстәылатәи АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит Атәылахьчара аминистрра адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Азыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит  30 иреиҳаны арратә аҕбақәеи акатерқәеи, 30 аҳаирпланқәеи, 6000ҩык аруааи.

Атәылахьчара аминистрра адыррала, урыстәылатәи арратә азыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Балтиатәи амшын акватори аҿы иара убас имҩаҧгахоит  200 иреиҳаны ақәҧаратә азыҟаҵарақәа, апрактикала абџьар ахархәарала.