Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Америка анапхгара Ричард Норланд Урыстәылаҿ ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵар ҟалап
Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Америка анапхгара Ричард Норланд Урыстәылаҿ ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵар ҟалап

Америка анапхгара Ричард Норланд Урыстәылаҿ ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵар ҟалап, ҧаса иара Қырҭтәылаҿ Америка ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Ари аинформациа аланарҵәеит урыстәылатәи  аҭыжьымҭа  «Коммерсант».

АИХқәа рдыррақәа рыла, Норланд   Линн Треиси ицынхәрас Урыстәылаҿ Америка адипломатиатә миссиа дахагылар ҟалап.

«Коммерсант» адыррақәа рыла, Баиден иадминистрациа  Ричарда Норланд икандидатура иқәдыргылахьеит. Уажәазы,  Ричард Норланд  Ливиа Америка ахаҭарнак ҷыдас дыҟоуп. Америка ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала Қырҭтәыла аус иуан  2012 цәыббра инаркны  2015 шықәса ҧхынгәы аҟынӡа.

Иара убас,  «Коммерсант» ишану ала, Америкаҿ Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иҭыҧаз Алеқсандр Дарчев икандидатура иахәаҧшуеит. Уажәазы иара Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Аҩадатәи Америка адепартамент дахагылоуп.

Жәабран 18 рзы Ер-Риад имҩаҧгаз америка-урыстәылатәи аиҿцәажәарақәа раан, аганқәа рхаҭарнакцәа, Москвеи Вашингтони иҟоу рыцҳаражәҳәарҭақәа рштаттә хыҧхьаӡара аиҭашьақәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ишиҳәаз ала, Урыстәылеи Америкеи  Москвеи Вашингтони ирласӡаны ацҳаражәҳәаҩцәа  рықәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит.