Урыстәылатәи адипломат иҳәамҭала, ЕАР Украина аханы  икарыжьыз адронқәа рыҭҵаара  иалагар, Урыстәыла ари аиҿкаараҟны аизыҟазаашьақәа еиҭахәаҧшуеит
Урыстәылатәи адипломат иҳәамҭала, ЕАР Украина аханы  икарыжьыз адронқәа рыҭҵаара  иалагар, Урыстәыла ари аиҿкаараҟны аизыҟазаашьақәа еиҭахәаҧшуеит

ЕАР Украинаҿ иқәхыз адронқәа рыҭҵааразы Украинаҟа ахатә експертцәа дәықәнаҵар,  Урыстәыла ари аиҿкаараҟны аизыҟазаашьақәа еиҭахаҧшуеит. Ари атәы ааицҳаит ЕАР аҟны Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак Дмитри Полиански.

Иара иажәақәа рыла,  Урыстәыла аибашьраҿы ахы анархәоит Урыстәыла иҟаҵоу адронқәа мацара.

«Ҳара зыӡбахәы ҳәоу аилахәыразы  апилотдатә аппаратқәа ҟазҵо ааглыхырҭа ҳамоуп. Убри аҟынтә, мраҭашәаратә ҳколлегацәа иқәдыргылоз ахарадҵарақәа зегьы изакәызаалак шьаҭак рыҵам», — иҳәеи Полиански ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз. Ахеилак аилатәараҿы Иран ахарарҵеит Урыстәыла адронқәа аҭара.

Иара убас, адипломат ишиҳәаз ала,  Урыстәыла украинатәи абаҕәазақәа рҟнытәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт иазкны ЕАР анапхгарала ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра ааннакылар ауеит.