Урыстәыла Одесса аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит
Урыстәыла Одесса аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит

Урыстәыла Одесса аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит. Ари атәы аанацҳаит Украина ауаажәларратә дырраҭара Одесса арратә аокруг администрациа анапхгаҩы Сергеи Братчук идырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аракетатә ааха аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа.

Братчук идыррақәа рыла, аракета ашьҭаҵарҭа аахеит. Ахәрақәа аӡәгьы имоуит.