Урыстәыла, Ивановотәи аобласт аҟны арратә-аидаратә ҳаирплан "Ил-76" каҳаит
Урыстәыла, Ивановотәи аобласт аҟны арратә-аидаратә ҳаирплан "Ил-76" каҳаит

Урыстәыла, Ивановотәи аобласт аҟны арратә-аидаратә ҳаирплан “Ил-76” каҳаит,  – аарыцҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, аҳаирплан аеродром аҟынтә аншьҭыԥраауаз амашәыр ақәшәеит. Аҳаирплан иҭатәан аекипаж ааҩык алахәылацәеи бжьҩык апассаџьырцәеи.

Асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп амца зыцраз аҳаирплан шкаҳаз.