Урыстәыла ишаарыцҳаз ала, Украина НАТО ашҟа ирыдыркылар, уи ахҧатәи адунеитә еибашьра ахылҵуеит, Алианс аҿы уи ибзиаӡаны еилыркаауеит
«Украина НАТО ашҟа ирыдыркылар, уи ахҧатәи адунеитә еибашьра ахылҵуеит, Алианс аҿы уи ибзиаӡаны еилыркаауеит», — Урыстәылатәи афедерациа Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Венедиктов ари аҳәамҭа ҟаиҵеит агентра «ТАСС» аинтервиу аҿы.
Иара НАТО алаларазы Украина иҟанаҵаз азыҳәамҭа «апропогандатә шьаҿа» ахьӡиҵеит.
«Киев ибзиаӡаны еилыркаауеит абри аҩыза ашьаҿа ахҧатәи адунеитә еибашьра шахылҵуа. Дара аинформациатә пропогандеи дара рахь хшыҩызышьҭра аизырҳареи рҭахызар ҟалап. Аха, киевтәи арежим ахаҭарнакцәа алабҿабара рбар рхаҭым, дара, ртәыла НАТО иалалап ҳәа игәыҕуазар ҟалап », — иҳәеит Венедиктов.
Иара иажәақәа рыла, «мраҭашәаратә тәылақәа иҟарҵо ашьаҿақәа зегьы инрықәыршәаны, дара, ишиашо аимак иалахәым». Венедиктов ишазгәеиҭаз ала, Украина НАТО ашҟа ирыдыркылар, Аҩадаатлантикатә апҟанҵа ахәбатәи ахәҭаҷ амч аиуеит, уи ауаатәыҩсара зегьы азы алҵшәа цәгьа ахылҵыр ауеит.
«НАТО алахәылацәагьы уи ибзиаӡаны еилыркаауеит. Ишыҟазаалак, ҳара ҳпозициа ҳаҧсахуам: НАТО ашҟа ма Америка анапхгарала еиҿкаау егьырҭ алиансқәа рышҟа Украина алалара ҳақәшаҳаҭхом», — иҳәеит Венедиктов.