Урыстәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ атәылантә ддәылырцеит
Урыстәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ атәылантә ддәылырцеит

Урыстәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ атәылантә ддәылырцеит. Ари еилкаахеит ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Џьон Саливан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь даннеи ашьҭахь.

Аминистрраҿ уи ЕАШ Урыстәылахь аанашьҭыз адҵақәа рҭак ирҭеит.

ВВС аинформациа ала, Џьон Саливан Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ 15 минуҭ дыҟан, уи ажурналистцәа акгьы раимҳәеит.