Урыстәыла атомтә адемилитаризациазы адекларациа адкылара вето ақәнаҵеит
Урыстәыла атомтә адемилитаризациазы адекларациа адкылара вето ақәнаҵеит

Урыстәыла атомтә адемилитаризациа азҵаарақәа рзы имҩаԥысуа ЕАР аконференциаҿ адекларациа адкылара вето ақәнаҵеит.

Ес-хәышықәса 191 тәылақәа рхаҭарнакцәа рнапқәа аҵарыҩуа Атомтә абџьар аларҵәара аҿагыларазы аиқәшаҳаҭра, хықәкыс амоуп атомтә абџьар аларҵәара аҿагылара.

Урыстәыла адокумент атексти Запорожиетәи атомтә афымцатә станциа ааигәара ақәԥарақәеи ирыдҳәаланы агәынамӡара аанарԥшит.