Урыстәылатә Атәылахьчаратә аминистрра - Украинатәи адронқәа Краснодартәи атәылаҽацә аҟны иҟоу обиектқәа ирықәлеит
Урыстәылатә Атәылахьчаратә аминистрра - Украинатәи адронқәа Краснодартәи атәылаҽацә аҟны иҟоу обиектқәа ирықәлеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аԥырҩы дызмам украинатәи аппаратқәа  Краснодартәи атәылаҽацә аҟны иҟоу обиектқәак ирықәлеит.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳз, аҳауатә хыхьчаратә система Амшын Еиқәа акваториаҿ, Краснодартәи атәылаҽацә аҟәараҿы ҩдронк канажьит.

Уаанӡа асоциалтә каҭақәа рҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Шәача аԥжәара бжьы гон. Иҟоу адыррақәа рыла, аԥжәара бжьы ақалақь агәҭаны, иара убас Аолимпиатә парк ааигәара уаҳауан.

Шәача ахада Алексеи Копиагородски дронқәа ржәылара афакт шьақәирӷәӷәоит.