Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Ихарҭәаам амобилизациа аҳәаақәа ирҭагӡаны ауснагӡатәқәа зегьы ихыркәшоуп
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Ихарҭәаам амобилизациа аҳәаақәа ирҭагӡаны ауснагӡатәқәа зегьы ихыркәшоуп

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, ихарҭәаам амобилизациа аҳәаақәа ирҭагӡаны ауснагӡатәқәа зегьы ихыркәшоуп. Ари атәы аарыцҳаит Амассатә информациатә хархәагақәа.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, арратә комиссариатқәа аусура нарыгӡоит Урыстәыла арбџьармчқәа алалара зҭаху ахатәгәаԥаҩцәеи аконтракторцәеи рыдкылара аганахьала.

Уаанӡа, иҳаҩсыз амчыбжь азы, Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Владимир Путин ихарҭәаам амобилизациа ахыркәшара атәы иаиҳәеит.

Шоигу иажәақәа рыла, иазыҟарҵоит 218 000-ҩык, азыҟаҵара хыркәшан, Украина дәықәырҵеит 82000-ҩык.