Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ишаанацҳаз ала, Мариуполь азауад  "Азовсталь"  аҿы зҽызҵәахуа аҭынчуаа роужьҭра иазыхиоуп
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ишаанацҳаз ала, Мариуполь азауад  "Азовсталь"  аҿы зҽызҵәахуа аҭынчуаа роужьҭра иазыхиоуп

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ишаанацҳаз ала, Мариуполь азауад  “Азовсталь”  аҿы зҽызҵәахуа аҭынчуаа роужьҭра иазыхиоуп. Москва ишарыцҳаз ала,  иахьа, мшаҧы 25 рзы, асааҭ  14:00 инаркны, аурыс аруаа ахысра иаҟәыҵны, азауад аҿы иҟоу ауааҧсыра ари аҵакырадгьыл алҵра алшра рырҭоит.

Иара убас, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла,  36 мшы рыҩныҵҟа агуманитартә корридор аартуп, аха украинатәи аган ари аинформациа шьақәдырҕәҕәом, дара ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа  ражәа нарыгӡом,  иааҟәымҵӡакәа ахысра иаҿуп.