Урыстәыла имҩаԥнагыз адронқәа ржәылараан Киев ҩыџьа ҭахеит
Урыстәыла имҩаԥнагыз адронқәа ржәылараан Киев ҩыџьа ҭахеит

Урыстәыла имҩаԥнагаз адронқәа ржәылараан Киев ҩыџьа ҭахеит.

Аенергетикатә инфраструктура ажәылара амшала аҳҭнықалақь араионқәа рҿы афымца иҟам. Анхарҭатә ҩнқәа аҧхасҭа ду роуит.

Адронқәа „Шаҳид“ рыла ажәылара мҩаҧган Запорожие аганахьалагьы. Уаагьы 13ҩык ахәрақәа роуит, анхарҭатә корпусқәа амца рыцралеит.

Сумеи Черноговтәи аокруги рҿы аҧжәарақәа ҟалеит. Сумы жәҩык ахәрақәа роуит. Черногов арегионаҿ ҧшьҩык ҭахеит, шәнызқьҩыла ауааҧсыра афымцеи аӡыржәтәи рымам.