Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Кремль Молдова ашәарҭадаразы ашәарҭа аанарԥшуам
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Кремль Молдова ашәарҭадаразы ашәарҭа аанарԥшуам

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Молдова ахада Маиа Санду иҟалҵаз аҳәаҭазы аҭак ҟанаҵеит. Маиа Санду ишаалыцҳаз, украинатәи аган Кремль аплан лырҭеит, уи Молдова аҳәынҭқарратә аарҳәра амҩаҧгара иазкуп.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿ ишану ала, абри еиԥш аҳәамҭақәа ашьаҭа рымам.

„Ари аҳәамҭаҿ иубартоуп Еидҵоу Америкатә Аштатқәеи мраҭашәаратәи атәылақәеи, Украинеи  рстиль – зны, гәаҭара алшара иҟам, имаӡоу адырра аладырҵәоит, нас изакәаным рыхныҟәгашьа уи ала дыриашоит”, иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, мраҭәашәаратәи атәылақәеи Украинеи иреиԥшымкәа, Урыстәыла егьырҭ атәылақәа русқәа рҽаланагалом.

Молдова ахада  Маиа  Санду лҳәамҭала, украинатәи аган Кремль аплан лырҭеит, уи Молдова аҳәынҭқарратә аарҳәра амҩаҧгара иазкуп. Санду лажәақәа рыла, Киевынтә ироуз адокументқәа инрықәыршәаны, Урыстәыла анапхгара Урыстәылеи, Беларуси, Балканқәеи рҟынтә Молдоваҟа адиверсантцәа рнагара ргәы иҭан. Санду ишазгәалҭаз ала, Урыстәыла анапхгара Молдова амчра рнапахьы иааргар рҭахуп, уи азыҳәан адәныҟатәи амчқәа рыцхыраарала, Молдова аҭынчратә апротесттә акциақәа рымҩаҧгара рҽазыркит. Молдова ахада ишазгәалҭаз ала, азинхьчаратә органқәа аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит.