Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Аурысцәа Аԥсныҟа рнеира ишәарҭоуп
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Аурысцәа Аԥсныҟа рнеира ишәарҭоуп

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз адыррақәа рыла, аурысцәа рзы Аԥсны аҭаара ишәарҭоуп.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, “жәабран 2 рзы Аԥсны иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбарала заанаҵы абахҭа дҭыҵит 2019 шықәсазы аурыс турист ԥҳәыс лганахьала ацәгьоура хьанҭа зуз Аԥсны атәылауаҩ”.

“Ари есышықәса Аԥсны акурортқәа ирҭаауа атәымтә туристцәа рзы ашәарҭа аанарԥшуеит. Ҳтәылауаа агәҽанҵара раҳҭароуп”,- иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.

2019 шықәсазы импыҵахалоу аҵакыра иқәынхо ахаҿы  аурыс турист ԥҳәыс длықәлаан, лцәа ԥиҽит. 2021 шықәсазы Аԥсны атәылауаҩ Едгар Абыхәба жәышықәсатәи аҭара иҟәҵан.