Урмас Реинсалу – Илиа Дарчиашвили саниацәажәоз иаҵшьны иазгәасҭет Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа сшаргәамҵуа,  аҳәаанырцә аҽыхәшәтәра алшара ирҭарц сиҳәеит
Урмас Реинсалу – Илиа Дарчиашвили саниацәажәоз иаҵшьны иазгәасҭет Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа сшаргәамҵуа,  аҳәаанырцә аҽыхәшәтәра алшара ирҭарц сиҳәеит

Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Урмас Реинсалу  «Твиттер» аҿы дахцәажәеит иареи Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии рҭелтә еиҿцәажәара.

Реинсал иҳәамҭала,  иара ақырҭуа иколлега даҽазнык изышьақәирҕәҕәеит Естониа Қырҭтәыла евроинтеграциа ишадгыло.

«Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили ҭелла саниацәажәоз ҳара Украина имҩаҧысуа аибашьра аанкылареи Украина ацхраареи ҳалацәажәеит.  Сара иасҳәеит Естониа Қырҭтәыла евроинтеграциа ишадгыло. Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭет Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа сшаргәамҵуа,  аҳәаанырцә  аҽыхәшәтәра алшара ирҭарц сиҳәеит», — иҩит  Реинсалу.