Урмас Реинсалу – Астатус иазку аӡбара рыдыркылароуп аобиективтә критериқәа рышьаҭала, Қырҭтәыла акритериқәа зегьы нанагӡар, Естониа еснагь Қырҭтәыла иадгылазаауеит
Урмас Реинсалу – Астатус иазку аӡбара рыдыркылароуп аобиективтә критериқәа рышьаҭала, Қырҭтәыла акритериқәа зегьы нанагӡар, Естониа еснагь Қырҭтәыла иадгылазаауеит

Естониа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Урмас  Реинсалу иҳәамҭала,  Қырҭтәыла акритериқәа зегьы нанагӡар, Естониа евроинтеграциа апроцесс аҿы еснагь Қырҭтәыла иадгылазаауеит.

«Астатус иазку аӡбара рыдыркылароуп аобиективтә критериқәа рышьаҭала. Естониа абарҭ атәылақәа Евроеидгылашҟа рыдкылара еснагь иадгылан. Сынтәа аполитикатә қәҿиарақәа ҳбар ҳҭахуп. Қырҭтәыла акритериқәа зегьы нанагӡар, Евроеидгыла аҟынтә изакәызаалак ахьаҵрак ҟалом ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Реинсалу.