Украинеи Урыстәылеи ромбудсменцәа еиҧылеит
Украинеи Урыстәылеи ромбудсменцәа еиҧылеит

Ауаҩытәыҩса изинқәа рызҵарақәа рзы Иреиҳаӡоу Рада ахаҭарнак Дмитри Лубинец урыстәылатәи аомбудсмен  Татиана  Москалькова дылҧылеит. Лубинец ари аинформациа алаирҵәеит  Facebook ала.

«Аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаа азинхьчаратә цхыраара рыҭара иадҳәалоу  агуманитартә зҵаарақәа рацәа ҳрылацәажәеит», — иҩит  Лубинец.

Иара идырра инақәыршәаны, аганқәа хаҭарнакцәа аконкреттә ажәалагалақәа ҟарҵеит. Украинатәи аомбудсмен  ишиҳәаз ала,  украинаа дрыцхраарц азыҳәан ари ахырхарҭала  аусура наигӡоит.

Уаанӡа урыстәылатәи аомбудсмен ишылҳәаз ала, лара украинатәи лколлега диҧылоит Ҭырқәтәыла имҩаҧысраны иҟоу афорум аҳәаақәа иҭагӡаны.