Украинеи Урыстәылеи рыбжьара "ачарыц иазкә аиқәшаҳаҭра" аҿҳәара 120 мшы рҟынӡа иацҵоуп
Украинеи Урыстәылеи рыбжьара "ачарыц иазкә аиқәшаҳаҭра" аҿҳәара 120 мшы рҟынӡа иацҵоуп

Украинеи Урыстәылеи рыбжьара “ачарыц изкә аиқәшаҳаҭра” аҿҳәара 120 мшы рҟынӡа иацҵоуп,– ари атәы асоциалтә каҭа Твиттер аҿы ааицҳаит Украина Аинфраструктура аминистр Александр Кубраков.

Кубраков ЕАР амаӡаныҟәгаҩ Антониу Гутиереши, Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷани, Атәылахьчара аминистр Ҳулуси Акари аиқәшаҳаҭра ахьчаразы иҭабуп ҳәа раиҳәеит.

Кубраков иажәақәа рыла, Украина апартниорцәа ирыбзоураны, адунеитә џьармыкьахь 25 миллион тонна украинатәи арыц анагара алшахеит.

Уаанӡа урыстәылатәи аган иҟанаҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, арыц иазкә аиқәшаҳаҭра аҿҳәара 60 мшы рҟынӡа ацҵара иақәшаҳаҭын. Амшын Еиқәа ала украинатәи ачарыц аиагара иазкә ари аиқәшаҳаҭра, ЕАР-и Ҭырқәтәылеи рыбжьаҟазарала рнапқәа аҵарҩит ҵыԥх, ԥхынгәы азы. Абҵаразы аҿҳәара иҵегьы 120 мшы рҟынӡа иацҵан. Аиқәшаҳаҭра аҿҳәара хәажәкыра 18 рзы инҵәон.