Украинатәи аофицар "Азовсталь" аҵакыраҟынтә адунеи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит - Ари аҵыхәтәантәи сҳәамҭахар ҟалап, шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит ҳшәарҭадара аиқәыршәара аҭахуп
Украинатәи аофицар "Азовсталь" аҵакыраҟынтә адунеи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит - Ари аҵыхәтәантәи сҳәамҭахар ҟалап, шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит ҳшәарҭадара аиқәыршәара аҭахуп

Ари аҵыхәтәантәи сҳәамҭахар ҟалап, шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит ҳшәарҭадара аиқәыршәара аҭахуп – ааицҳаит Украинатәи ар 36-тәи амшынтә бригада анапхгаҩы Сергеи Вилина, уи “Азовсталь” аҵакыраҿ дыҟоуп. Ари атәы уи CNN аинтервиу аҿы ааицҳаит.

Украинатәи аибашьҩы адунеи алидерцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Мариуполь агарнизон азы акорридор еиқәдыршәар, азауад аҵакыраҿ иҟоу аҭынч тәылауаа аевакуациа рылшарц азы.

„Шәара шәахь ааԥхьара ҟасҵоит, ахԥатәи атәыла ахь ҳаиаганы, ҳшәарҭадара еиқәдыршәарц“, – иҳәеит Вилина.

Вилина иажәақәа рыла, азауад аҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьоуп, ирацәаҩуп ахәрақәа зауз аруаа, амедицинатә цхыраара иҟам. Украинатәи аофицар ишааицҳаз, азауад аҵакыраҿ 500-ҩык ахәрақәа зауз аруааи зықьҩыла аҭынч тәылауааи иҟоуп.