Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Славианск ақалақь аҿы аҩнеихагыла ду абомба ақәҳара амшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Славианск ақалақь аҿы аҩнеихагыла ду абомба ақәҳара амшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит

Славианск ақалақь аҿы аҩнеихагыла ду абомба ақәҳара амшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 15-ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит, – ари аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Донецктәи област арратә администрациа анапхгаҩы Павло Кириленко ишааицҳаз, ажәылараан ахәрақәа роуит 24-ҩык. Уаанӡа иҟаз адыррақәарыла, ахәрақәа роуит 22-ҩык.

Павло Кириленко иҟаиҵаз аҳәамҭала, аиқәырхаҩцәа хәҩык реиқәырхара рылеит, урҭ дреиуп 14 шықәса зхыҵуа аӡӷаб.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа ақалақь ахырхарҭала “С-300” атип змоу аракетатә системантә ааракетак рышьҭит. Славианск ақалақь абомбақәа рыларыжьит мшаԥы 14 рзы.